Аԥсны

2022 шықәсазы 200 инареиҳаны хыбра рҽеиуп Аҟәа

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҟны адепутатцәа рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит "Горстройпроект" адиректор. Иара имҩаԥго аусурақәеи 2023 шықәсазтәи апланқәеи дрылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. 2022 шықәсазы 200 инареиҳаны хыбра рҽеиуп Аҟәа, абри атәы иҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҟны адепутатцәа рҿаԥхьа аҳасабырба ҟазҵаз АУН "Горстройпроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аусурақәа иааидкыланы ирықәхарџьуп 169,8 миллион мааҭ.
Ԥиԥиа иажәақәа рыла, 93 миллион мааҭ рыхҭынҵан амуниципалтә хатәра аобиектқәа 150. Уи адагьы еиҭашьақәыргылан ахәыҷтәы хәмарырҭақәа, анхарҭаҩнқәа рхыбқәа, аџьармыкьеи, агәабзиарахьчареи, аҵареи русхкқәа ирыҵаркуа ахыбрақәа.
"Горстройпроект" адиректор иара убасгьы иҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш аламҭалаз арэеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Иазыԥхьагәаҭоуп ашьапыламҩасырҭақәа рҿы ахаҳәҟьаԥс ақәҵара, Аҟәатәи ашьхеи Аҳабла ҿыц аҟны иҟоу Ӡыба ихьӡ зху апарки реиҿкаараз аусурақәа.
Ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа аҳасабырба ахәшьара бзиа аиҭеит, иҳәеит ахәҭаҷ "аргылара" 2023 шықәсазы ишазоужьу аԥара рацәа, уи абиуџьет апрофицит ала ашәарацҵақәагьы шаиуа.