Аԥсны

Аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиахь адепутатцәа алхуп

Жәабран 23 азы Аҟәа имҩаԥысуеит Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа рсессиа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Жәлар Реиазара адепутатцәа Алхас Ҳагбеи Алмас Акабеи Аԥсны Аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиахь иалхуп.
Аӡбра рыдкылоуп Аԥсны Аконституциатә закәан "Аӡбаратә мчразы" ахәҭаҷ 151, ахәҭа 2, апункт 3 инақәыршәаны.
Аӡбра еицҿакрыла ирыдыркылеит, амчра аиуеит адкылара амш инаркны.
Аԥсны Аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа хышықәса ҳәа еиҿыркаауеит Азеиԥш иурисдикциеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи, Апарламент адепутатцәеи, Ахада ихаҭарнакцәеи, ААУ ахаҭарнакцәеи рыла.
Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатцәа рыхьӡала аколлегиа иалахәын Баҭал Табаӷәуеи Каха Пертаиеи.