Аԥсны

Александр Анқәаб Урыстәыла аиҳабыра рделегациа идикылеит

Урыстәылатәи аделегациа иалахәуп Аекономикатә ҿиареи Аенергетикеи рминистррақәеи, Росреестри Роскадастри рҟазауаа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аиҳабыратә комиссиа идикылеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аганқәа аекономикатә усеицуреи, азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, 2025 шықәсанӡа иазгәаҭоу 45 уснагӡатә рҟынтәи инагӡоуп 16 уснагӡатә. Апроектқәа быжьба разырхиара аҩаӡара ҳаракуп, иҟоуп Апарламент ахь ахәаԥшразы инашьҭу азакәанқәа рыпроектқәа. Арахь иаҵанакуеит Аҳазалхратә закәанеидкылагьы.
"Аенергетика, аинвистициатә усура ирыҵанакуа апроектқәа аус еиҭарыдулатәуп, ирылацәажәатәуп. Егьырҭ аусхкқәа рҟынгьы ҩ-напыкла аусура ҳгәы иҭоуп", - лҳәеит Озган.
Дмитри Вольвач инаҵшьны иазгәеиҭеит, русеицура иахықәкы хаданы ишыҟоу Аԥсны ахатә хашәалақәа ҩынтә реизырҳара, атәылаҿ иааидкыланы аулафахәы ашьҭыхра.
Уи адагьы аганқәа ирылацәажәеит аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи рзы ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭарқәа рынагӡара азҵаарақәа, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара ашьақәыргылара.
Аихшьаалақәа инарықәыршәаны иазырхиан иззеиқәшаҳаҭу ажәалагалақәа – асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбрақәа шьаҭаны ирзыҟаларазы.
Аԥсны
Вольвач: урыстәылатәи абизнес азыхиоуп Аԥсныҟа аинвестициақәа раашьҭра