АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Станислав Лакәаба 70 шықәса ихыҵра идыиныҳәалеит.
Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Станислав Лакәаба аԥсуа жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥараҟны, аҵарадырреи рҟны илагала.
"Аҵарадырреи, аҟазареи, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии уси рҟны шәхы аарԥшуа, аԥсуаа рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥараҟны хәызмаӡам шәышьҭамҭа ааншәыжьит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа Станислав Лакәаба изеиӷьеишьеит ақәранҵыра ду, агәабзиара, арҿиараҿы аихьӡара дуқәа.