АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik.Аԥснытәи артистцәа Беларусиа имҩаԥгахо афестиваль "Славянский базар" иалахәхоит, абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
"Белоруссиатәи ҳколлегацәа гәахәарыла ирыдыркылеит аԥсуа артистцәа афестиваль иалахәхар ахьрылшо. Афестиваль аҟны ашәаҳәаратә ҟазара анаҩсгьы, егьырҭ аҟазара хкқәа- асахьаҭыхра, атеатралтә, акино, жәлар рнапҟазара цәыргоуп", - иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Арӡынба иажәақәа рыла, афестиваль аҳәаақәа иҭагӡаны имҩаԥыргоит адунеитә культура аҟазауаа рԥылара, аспектакльқәеи афильмқәеи раԥхьарбарақәа, ацәыргақәҵақәа.
Жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль "Славянский базар"- Беларусиа имҩаԥырго зымҽхак ҭбаау культуратә форумуп. 1992 шықәса раахыс имҩаԥыргоит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны афестиваль рҽаладырхәхьеит 70 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа.