Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵлаииа аибашьра-ҭоурыхтә експедициа иазкны

Маркәыла имҩаԥысран иҟоу аибашьра-ҭоурыхтә експедициа шеиҿкаахо, иадԥхьалахо, насгьы ҷыдала ақыҭа алхра шыҟалази арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ Геннади Ҵлаииа.
Sputnik
Жәабран 25 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Афырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи еиҿнакаауеит "Ахьӡ-аԥша амҩахәасҭала" захьӡу аибашьра-ҭоурыхтә експедициа Маркәыла ақыҭан. Уи азкуп Мрагыларатәи афронт аҟны ицоз ахыхьчаратәи ажәыларатәи еибашьра 30 шықәса ахыҵра.
"Жәабран 25 1993 шықәса рзы ақырҭцәа имҩаԥыргеит ажәылара ӷәӷәа, усҟан Мрагыларатәи афронт иаҵанакуаз ақыҭақәа – Маркәыла, Ԥақәашь, Мықә, Тамшь, Кәтол ирылахысуан техникалеи аҳаирпланқәеи рыла. Аԥсыҭбарақәа рацәан. Ақырҭцәа рхырӷәӷәарҭақәа ааныркылеит Маркәыла, аԥсаатә фабрика ахьыҟаз аҭыԥан, иара убас абжьаратә школ аҿы. Анаҩс аԥсуа еибашьцәа арҭ аҭыԥқәа рҭарцәраан имҩаԥыргеит ажәылара ӷәӷәа. Арҭ ахҭысқәа сынтәа 30 шықәса рхыҵуеит. Ҳгәы иҭоуп аветеранцәа ҳарԥыланы аматериал аизгара, амузеи афондқәа рхарҭәааразы", - еиҭеиҳәеит Ҵлаииа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.