Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аҳаирплан Су-25 карыжьит

Аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп 387 ҳаирплан, 210 вертолиот, 3222 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа аилынхарҭа Кизомыс Херсонтәи аобласт аҿы украинатәи аҳаирплан Су-25 карыжьит, аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, уахыки-ҽнаки рыла аилынхарҭақәа Жовтневое Харковтәи аобласт, Приволье, Рубежни, Пшенични- ЛЖәР, Егоровка, Первомаиск, Нвоаддреевка ДЖәР, Полог Запоржтәи аобласт рҟны иҭархан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Урыстәылатәи авиациеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит: 97 артиллериатә ҟәшеиҵа, 128 раион рыҟны атехникеи ари.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 55-ҩык украинатәи аибашьцәа, апикапқәа ҩба, гаубицак Д-20. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 85-ҩык аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа ҩба, гаубицак Д-20, ахаланыҟәа гаубицак "Гвоздика" ҭархоуп.
Аԥсны
Урыстәылатәи арбџьармчқәа аминаршәгақәа ахьыҭрыжьуаз ацех ықәрыцҟьааит
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп: 210-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа фба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30. Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 105-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, танкк, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубицақәа Д-30 ҩба, Д-30, иара убас аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа фба.
Херсонтәи ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп ахаланыҟәа гаубицак "Мста-Б", агаубица Д-30.