Аԥсны

Жәлар Реизареи Никарагуа Апарламенти русеицуразы адепутаттә гәыԥ аԥҵоуп

Агәыԥ иалахәуп Жәлар реизара адепутатцәа Ашот Миносиан, Ҭимур Беиа, Рашида Аиԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент ақәҵара аднакылеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәеи Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәеи реимадаразы адепутаттә гәыԥ аԥҵазарц.
Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит агәыԥ шеиҿкаау аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуразы.
Ашәба иазгәеиҭеит 2023 шықәсазы ишыҵуа 15 шықәса Урыстәылеи Никарагуеи Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеижьҭеи.
2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Лаша Ашәбеи Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи асеиԥш иҟоу агәыԥ аԥҵара иалацәажәеит. Ашәба иҳәеит Жәлар Реизара шазыхио латиноамерикатәи апартниорцәа аус рыцура.