Аԥсны

Apsny-Star раԥхьатәи аконцерт ахыгоуп атехника аусура аиԥҟьара иахҟьаны

Амузыкатә телепроект Apsny-Star актәи аконцерт мҩаԥысраны иҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы жәабран 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Apsny-Star раԥхьатәи аконцерт ахыгоуп атехника аусура аиԥҟьара иахҟьаны, абри атәы иҳәеит апроект апродиусер Ҭеимыр Аршба.

Иажәақәа рыла, аконцерт ахыргар акәхеит зыхә ҳараку амаругақәа ахьыблыз иахҟьаны.

Аконцерт мҩаԥгахоит жәабран 28 асааҭ 19:00 рзы.
Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Амузыкатә телепроект Apsny-Star асезон ҿыц иалахәуп 15-ҩык, урҭ 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иалырԥшаахьан. Апроект алахәылацәа Аԥсны аҟазауааи аҳәаанырцәтәиқәеи рҟны аҟазаратә классқәа ирхыслоит. Урҭ зегьы асоциалтә ҳақәа рҟны иддырбалоит.