Аԥсны

Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Жәабран 20 азы Аԥсны ауаажәларратә палата V ааԥхьара алахәылацәа рзинмчрақәа нҵәеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аслан Бжьаниа "Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа рышьақәырӷәӷәаразы" аусԥҟа инапы аҵеиҩит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Ауаажәларратә палата иалахәылацәахеит: Асҭамыр Адлеиба, Роберт Ашба, Роман Гьериа, Сократ Џьынџьал, Гули Кьычԥҳа, Лиудмила Лолуаԥҳа, Оҭар Ломиа, Вараздат Миносиан, Леонид Осиа, Давид Ԥлиа, Ҭеимыр Ԥиԥиа, Александр Страничкин, Низам Хапат.

Аԥсны ауаажәларратә палата – ахада Иусбарҭа аилацәажәаратә хеилакны иҟоуп. Иара аԥҵаразы азакәан анапы аҵаҩын 2007 шықәсазы.
Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. 13-ҩык ахада иалихуеит, 11-ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.