Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра арратә госпиталь амедицинатә хархәагақәа анаҭеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра арратә госпиталь аԥҟаратә ҟәшазы амедицинатә хархәагақәа- асухожари автоклави анаҭеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, амедицинатә хархәагақәа амаругақәа инҭкааны рырзҩыдара шалдыршо.
Амедусҳәарҭа аҭахрақәа Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изеиҭеиҳәеит агоспиталь аиҳабы Алиас Џьынџьал.
Агоспиталь азы ахархәагақәа раахәара алшеит аспонсортә цхыраарала.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь хада шьаҭаркын 1995 шықәса жьҭаара 20 азы, уаанӡа ара иҟаз Аҟәатәи афизико-техникатә институт амедхәҭа ашьаҭала.