Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Ақыҭанхамҩа азы" азакәан аднакылеит жәабран 23 рзы. Уи инақәыршәаны ари аусхк аҿиара есышықәса иазоужьхалароуп 5% ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Азакәан иахықәкуп ақыҭанхамҩа арҿиара, ақыҭанхамҩатә политика аҳәаақәҵара, атәылауаа рзы ари аусхк аҟны ихымԥадоу азинтә шьаҭақәа реиҿкаара.
"Азакәан ҳадаҳкылеит уажәшьҭа ихадоу аԥсҭазаараҟны аус шауа ауп. Уи иаанагаӡом иаразнак аԥара азоужьхоит ҳәа. Аус адулатәуп ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма, уажәы ишыҟоу ацхыраара акәӡам. Алҵшәа аазышьҭуа апрограмма акәхароуп, аспециалистцәа адгалатәуп", - иҳәеит Гогьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.