Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: Украина Приднестровие алалара аҽазыҟанаҵоит

Приднестровие инхо рҟынтә 60 процент аурысқәеи украинааи СССР еилаҳаанӡагьы Молдавиа алҵра рҭахын, ареспублика Румыниа иадлар ҳәа ишәаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Киевтәи амчрақәа Приднестровие алалара рҽазыҟарҵоит, уи уа игыло урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа ашәарҭара иҭанаргылоит, абри атәы аанацҳауеит аминистрра Telegram-канал.

"Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Украина ари акциа мҩаԥнагоит урыстәылатәи ар Приднестровие аҵакыраҟынтә ажәылара ргәы иҭоуп ҳәа ахҳәааны", - аҳәоит аҳәамҭа.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит украина-приднестровиатәи аҳәааҿы аибашьыга техника, артиллериа, аруаа гылоу ҳәа. Иара убагьы УАМ аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хыԥхьаӡара рацәала рыԥырра убарҭоуп.
"Урыстәыла Арбџьармчқәа ари апровокациа иашьклаԥшуеит", - рҳәоит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аҳаирплан Су-25 карыжьит
Аусбарҭа адыррала апровокациа иадыԥхьалахоит амилаҭеилыхыҩцәа реиҿкаара "Азов". Украина ажәылара ҵаҵӷәыс ианаҭарц аҭахуп "урыстәылатәи ар Приднестровие аҵакыраҟынтә ажәылара ргәы иҭоуп" ҳәа адырра. Уи азы имҩаԥгахоит адиверсиақәа.
Ари аҭыԥ аҿы урыстәылатәи аоперативтә ар ргәыԥ аҭынчреиҿкааҩцәа гылоуп.