Абаагәара аҭҵаара иаҳа ицәгьан иара акандидаттә усумҭа ахьчара аиҳа, уи азы имарианы салгеит уҳәар ҟалоит ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан аиҿцәажәараҿы
"Аҭҵаарақәа хыркәшаӡам, аусура иҵегьы иацҵатәуп, избанзар абаагәара иамоу амаӡақәа зегьы усумҭак ала иузеилыргаӡом. Аха адиссертациаҿы ианылаз ҳара иҳауз аматериалқәа рыла акәын ишыҟаз. Аҵыхәтәантәи агәаанагара иара аныргылаз X-XI ашәышықәсахь иаҵанакуеит, археологиатә материалқәа уи иаадырԥшуеит, аԥсуа аҳра амч аныӷәӷәаз аамҭазы иргылаз баагәароуп ҳәа рҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.
Шандор Ҟаитан иҳәеит, шьҭа 10 шықәса шҵуа абаагәара ду аҭҵаара даҿуижьҭеи. Иара идыруан уи уыс шыцәгьаз, аха 150 шықәса археологцәа иҭырҵаауа аҭӡы аныргылаз ҳәа гәаанагарак ыҟам, убри азы аинтерес ӷәӷәа изаҵоуп.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.