Аԥсны

Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа рымш инамаданы, Аҟәа имҩаԥысит ашахмат азы аицлабра

Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Москва Аҩны Москватәи аиҳабыреи Москва адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәеи, Москватәи Аҩны аџьынџьуааи иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа рымш инамаданы, акомандатә шахматтә еицлабра мҩаԥысит Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҟны Аҟәа ахәаша, жәабран 24 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.
"Москва Аҩны аҟны асеиԥш иҟоу раԥхьатәи акомандатә еицлабра амҩаԥгара ԥышәак иаҳзаҩызоуп, сгәыӷуеит аԥхьаҟа амҩаԥгара традициахап, амҽхакгьы ҭбаахап ҳәа. Сгәы иаанагоит Аԥсны ашахмат аизҳараҿы ари ҳлагала акәхап ҳәа", - иҳәеит ацентр анапхгаҩы Александр Бигәаа.
Аицлабра рхы аладырхәит еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҟынтәи 17 команда: Атәылахьчара аминистрра, Апарламент, Ақалақь аусбарҭа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, АҶА, Апрокуратура хада, АШәМ, Аҳазалхратә еилакы, Аԥсны иҟоу АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа, КСОРС, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи афизика-техникатә институт, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, "Брехаловка", Аилахәыра "Апсны-Ойл", "Москва Аҩны".
Еиндаҭлоз акомпиутер иалнахит, аицлабрақәа мҩаԥысуан ашахматтә дисциплина "рапид" ала.
Актәи аҭыԥ ааныркылеит Аҟәа ақалақь аусбарҭа акоманда, аҩбатәи - "Москва Аҩны" ашахматасыҩцәа, ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит акоманда "Брехаловка".
Аԥсны
Ашахматтә фестиваль "Аԥсны. Тамшь-Village 2023" хыркәшоуп
Актәи ашахматӷәаҿы аӡәаӡәалатәи азшьаҟны аиааира ргеит аҳҭнықалақь аусбарҭа аҟынтәи Ҭемыр Шанаа, "Брехаловка" акоманда аҟынтәи Учкин Менглиев, Данил Большов - АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа.
Аҩбатәи ашахматӷәаҿы аӡәаӡәалатәи азшьаҟны аиааира ргеит Аҟәа ақалақь аусбарҭа аусзуҩ Сергеи Миносиан, аҩбатәи аҭыԥ игеит Борис Наҟәаԥиа "Москва Аҩны" аҟынтәи, ахԥатәи – Едуард Кимкетов ААУ аҟынтә.
Ахԥатәи ашахматӷәаҿы аӡәаӡәалатәи азшьаҟны иалкаахеит Ҭенгиз Шанаа аҳҭнықалақь аусбарҭа аҟнытә, аҩбатәи – Леонид Гарбунов ААТИ аҟынтә, ахԥатәи – Геннади Кожухар КСОРС аҟынтәи.