Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷелиаԥҳа амилаҭтә школи аԥсшәа аҭаххареи иазкны

Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, атәылаҿы амилаҭтә школ аԥҵаразы лшарақәас иҟоу, насгьы, уи аус излалагатәу, аԥсшәа аҵара аҭаххара азҵаара ӡбашьас иамоу.
Sputnik
Ааигәа аҵарауаҩ Александр Чамагәуа арадиоефир аҿы иҳәеит ахәбатәи акласс инаркны ажәбатәи аҟынӡа агеометриа еиқәыршәаны ишыҟоу, аха убри аамҭазы, амилаҭтә школ аҟамзаара иахҟьаны уи аларҵәара шамам. Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа лгәаанагарала инагӡоу аԥсуа школ ҟаларцаз, агуманитарҭә маҭәарқәа рыла иалагатәуп.
"Раԥхьа иргылатәуп Аԥсны аҭоурых. Ашәҟәы аиқәыршәара иаҿуп, 5-6 аклассқәа аԥсышәала, урысшәала иҟалоит аурыс школқәа рҿы. Аԥсышәала маҭәарк алаҳмарҵәар, аԥсуа бызшәа ҳзышьҭыхӡом, иара ҳбызшәагьы арҿиара аиуӡом", - ҳәа лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит, аматематика аганахьала арҵагатә шәҟәы ҟаларгьы, уи иаԥхьо арҵаҩцәа шаҭаху. Ус еиԥш зылшо маҷуп ҳәа азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.