Аԥсны

Гәдоуҭа амашьына ԥижәеит ҳәа гәҩарас ирымаз даанкылоуп

Гәдоуҭа, Арӡынба имҩаҿы игылоу аҩны агәараҟны амашьына аԥжәара ахҭыс ала ашьаус хацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Гәдоуҭа амашьына ԥижәеит ҳәа гәҩарас ирымаз Едгар Цыгәба даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, жәабран 18 рзы Цыгәба Гәдоуҭа, Арӡынба имҩаҿы игылаз амашьына арҭҟәацгага аҵиҵеит. Ашьаус хацыркуп.
Гәҭакыла атәым мазара аԥхасҭа аҭареи, изакәанымкәа амцабџьари, аџьаԥҳани, арҭҟәацгатә маҭәашьарқәеи раахәареи, рыҵәахреи, рныҟәгареи рзы ахәҭаҷкәа рыла ашьаус хацыркуп.