Аԥсны

Нодар Аҩӡба далахәын Аахыҵ Уаԥстәыла атәылахьчара аминистрра аиубилеи

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аахыҵ Уаԥстәыла атәылахьчара аминистр Марат Павлов, ареспубликаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Марат Кулахметов, Апарламент аиҳабы зхадараҿы дыҟаз адепутатцәа, аиҳабыра алахәылацәа, арбџьармчқәа аветеранцәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабарн 25 – Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Нодар Аҩӡба далахәын Цхинвал имҩаԥысыз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылахьчара аминистрра аԥҵоужьҭеи 30 шықәса аҵреи Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымши иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Нодар Аҩӡба Аԥснытәи аделегациа зхадараҿы дыҟаз Цхинвалҟа инеит аныҳәа рҽаладырхәырц. Аусмҩаԥгатә аҟны еизаз ауаԥс бызшәала аԥсшәа раҳәо, Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ихьӡ ала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз асасцәа идырбан Атәылахьчара аминистрра ашьақәгылара иазкыз афильм, уаҟа иагәылан аибашьраан имҩаԥысуаз ахҭысқәеи аветеранцәа рыҿцәажәарақәеи.
Иара убасгьы, Аԥснытәи аделегациа алахәын 1993-2008 шықәсанӡа ақырҭқәа Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥыргоз ацәгьоурақәа раан иҭахаз аррамаҵурауаа ргәалашәаратә Мемориал аҟны имҩаԥгаз ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.