Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирпланқәа хԥа карыжьит

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа ааба ҭадырхеит, иааныркылеит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактив хгәыцәқәа ҩба, абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" хԥа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Арратә аоперациа ҷыда ахьцо аҭыԥаҿы урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирплпнқәа хԥа карыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аҳаирпланшәарыцақәа Донецк иҭадырхеит аҳаирпланқәа Су-24, МиГ-29, Херсонтәи аоблост аҟны иҭархан Су-25.
Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 97, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 135 раион рыҟны.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 60-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа, апикапқәа хԥа, Америка иҭыжьу артиллериатә шьақәгыла М777, Польша иҭыжьу ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Krab".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 180-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа шьуп, иҭархоуп аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа фба, РСЗО "Град" ашьақәгыла, агаубица Д-20, арадиолокациатә станциа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: Украина Приднестровие алалара аҽазыҟанаҵоит
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 120-ҩык инареиҳаны аӷа ируаа, аибашьыгатә кәылӡымашьынақәа хԥа, агаубицақәа Д-20, Д-30. Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы 90-ҩык инареиҳаны аӷа ацәыӡқәа имоуп, иара убас атанкқәа хԥа, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, акәылӡымашьынақәа ҩба, ҩ-пикапк, агаубицақәа "Мста-Б", Д-20 ҭархоуп. Угледари Малиновки рыҟны украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ԥжәоуп.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп Америка иҭыжьу артиллериатә шьақәгыла М777, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика" ҩба.