Аԥсны

Аҩбатәи аиқәшарала анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит жәабран 26 рзы

Быжь-турк мҩаԥысхьеит актәи аикәшарала, уаҟа апҳьа игылоуп Гәдоуҭатәи акоманда.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Ахацәа рыбжьара анапылампыл азы аҩбатәи аиқәшарала Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит Гагра жәабран 26 рзы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы.
Асааҭ 11:00 рзы еиԥылоит акомандақәа "Драндеи" "Аԥсны амҵәыжәҩақәеи", асааҭ 12:00 рзы - "Аҟәа" "ААУ", асааҭ 14:00 рзы "Гәдоуҭеи" "Спартаки", 15:00 рзы - "Гагра" "Гиуенос".
Аицлабра мҩаԥысуеит атурқәа рыла Аԥсны ақалақьқәа рыҟны. Иааидкыланы 14 тур мҩаԥгахоит, аихшьаалақәа рыла иалкаахоит афиналахь инеиуа ԥшь-командак, урҭ уаҟа ачемпионатраз иагьыхәмаруеит.
Быжь-турк реихшьаалақәа рыла ачемпионат актәи аиқәшарала актәи аҭыԥ аҟны игылоуп Гәдоуҭатәи акоманда, аҩбатәи - "Аҟәа", ахԥатәи - "Дранда", аԥшьбатәи - "Аԥсны амҵәыжәҩақәа".
Аԥсны
Аԥснытәи аспортсменцәа қәыԥшцәа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит абокс азы