Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Леԥсаиа аӡын аџьармыкьа уҭраҭыхла иахьынӡарзеиқәыршәо атәы

Sputnik
Ауҭраҭыхааӡарҭақәа аӡынразы аџьармыкьахь инаргаша аҽаҩра рымоума, русура шышьақәгылоу, уадаҩрас ирымоу атәы еиҭеиҳәеит Кындыӷ иҟоу ауҭраҭыхааӡарҭақәа руак анапхгаҩцәа иреиуоу Сурам Леԥсаиа.
Ауҭраҭых аиҭаҳатә Ҭырқәтәылантә иааргоит, аҭыԥан шықәсак ахь ҩынтә ԥшьба-ԥшьба мзы аҽаҩра аадрыхуеит иҳәеит Леԥсаиа.
"Жьҭаарамзазы еиҭаҳҳауеит раԥхьатәи ауҭраҭых, анаҩс жәабранмзазы. Актәи аарыхра ицәгьамкәа инаҳгеит аџьармыкьахь, аха аҩбатәи сынтәа ауадаҩрақәа цәырнагеит. Аиҭаҳатә Ҭырқәтәылантә иааҳгоз сынтәа ҩажәамш амҩа иқәхеит, убри аҟынтә иԥхасҭахеит. Аӡҩыбжьааи ҳареи 170 нызқь шьаҭа рҟынӡа еицҳзеиԥшны иааган. Аҿаҵатәы заа иҟауҵароуп. Ааха ӷәӷәа ҟалеит, ԥарала ҩ-миллион мааҭк рыхә инацны иблит. Уажәшьҭа ҩымз инаханы аҽаҩра ҳауртә еиԥш иҟалоит. Жәабранмзазы еиҭаҳҳауаз лаҵарамза алагамҭазы аҿыхра иалагон, уажәшьҭа рашәара анҵәамҭанӡа изалагом, макьана уи аиҭаҳатәгьы ааҳамгацт", - иҳәеит Леԥсаиа.
Иара иазгәеиҭеит аҽаҩра амаҷра ахәгьы ишаныԥшуа, аарыхыҩцәа ирымхны аџьармыкьаҟны изҭиуа 40-50 мааҭ шацырҵало.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.