Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан 44 374-ҩык ҭахеит

21 нызқь инарзынаԥшуа аҩнхыбрақәа рыҟны ихыркәшоуп аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Ҭырқәтәыла алада-мрагылара адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 44 374- ҩык ыҟоуп, абри атәы иҳәеит аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхраз аусбарҭа (AFAD) аиҳабы Иунус Сезер.
Иара иажәақәа рыла, еилажьу ахыбрақәа реилыргара иаҿуп.
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Кахраманмараш апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра ашьҭахь асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа адгьылҵысра маҷқәа. Ари аԥсабаратә рыцҳара Ҭырқәтәыла 13 миллион инареиҳаны ауааԥсыра ахьаланхо апровинциақәа жәеиза аҵанакит, иара убас Шьамтәыла.