Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа ҭоуба руит

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵан 1992 шықәса рашәара 15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инеиз аруаа Рыԥсадгьыл шырыхьчо азы ҭоуба руит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Ҩымз ирылагӡаны дара иахысуан аруаҩ қәыԥш иҽазыҟаҵара акурс.
"Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь арҭ аруаа зыхьчара ҳнапы иану аҳәынҭқарратә обиектқәа рҿы рмаҵура рхыргалоит", – иҳәеит ААМ хаз игоу архәҭа адҵаҟаҵаҩ Рашид Ҭаркьыл.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵан 1992 шықәса рашәара 15 рзы.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзурахьы ҿыц инанагаз аруаа ҭоуба руит