Аԥсны

Аԥсны иазгәарҭоит Хәажәкыра

Ари аныҳәа азгәарҭоит аиашахаҵаратә қьырсианцәа Ачгара ду раԥхьатәи амш азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Традициала аԥсуаа иазгәарҭо Хәажәкыра аныҳәа сынтәа жәабран 27 иақәшәоит. Ари аныҳәа азгәарҭоит аиашахаҵаратә қьырсианцәа Ачгара ду раԥхьатәи амш азы.
Ажәытәан аԥсуаа Ҳаиҳа зымчу ирымҵаныҳәон аҩы шьҭыхны акәымкәа афатә кны. Хәажәкыра аныҳәа азы иҟарҵон ахәажә.
Ахәажәқәа руак иагәыларҵон ахәажәҵла амаҵә, аха аамҭақәак рышьҭахь ахәажәмаҵәа рыԥсахит арасамаҵә ала ҳәа Sputnik аҟны еиҭалҳәахьан афольклорист Цира Габниаԥҳа. Арасамаҵә згәылоу ахәажә зықәшәо иааиуа ашықәс азы, абри аныҳәа аҽны арбаӷь ма аџьма ишьыр акәын. Ашықәс зегьы ахәажәҵәы зықәшәаз ихаҭеи изааигәақәоуи рзы инасыԥаамҭоуп ҳәа иршьон.