АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьаҿы Ҟрыми Аахыҵ Уаԥстәылеи рызҵаара ԥсахшьа ақәым ҳәа ахиҳәааит.
"Актәи — ҭагалан 2008 шықәса, Мраҭашәара зегьы Қырҭтәыла агрессиа ианадгылаз, зхатә тәыла, зхатәы жәлар мап зцәыркыз анаркоман, аиқәырҽаҽаҩ ианидгылаз. Усҟан агрессор иаарласны аҿагылара иҭан. Аҩбатәи — ааԥын 2014 шықәса, азакәан ҟазшьа змаз ареферендум аҿы Ҟрым ауааԥсыра рҭоурых ԥсадгьыл азыхынҳәраз ргәаҳәара ахьаадырԥшыз", - иҩуеит Медведев агазеҭ "Известия" аҿы.
Иара иҳәеит ари мраҭашәаратәи адунеи акыр ишаргәааз.
"Рхымҩаԥгашьа ҵаҵӷәыс иазыҟоуп аурысцәымӷра, Франкенштеин ҿыцны иаақәгылаз Украина ала иҷыдоу "Урыстәылаҿагылара" ахацыркра. Иуҳәаран иҟоузеи? Иахьатәи ихшыҩдахаз мраҭашәаратәи аполитикцәа рабацәа ирҳәон: "Deus quos vult perdere dementat prius" – Анцәа ауаҩы дахьирхәыр аниҭаху, аԥхьа ихшыҩ имихуеит", - азгәеиҭеит аполитик.
Иара иҳәеит абри "ахеилагареи" "Урыстәыла аимыжәжәара" агәаҳәареи шракәу арратә операциа ҷыда аҟынӡагьы икылызгаз.
Медведев иазиԥхьаӡоит аимпериақәа рыҟазаара иатәу аҭоурыхтә логика иадҳәаланы уахәаԥшуазар, аибашьра ииасыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа раан акәын ианалагашаз, иахьа акәымкәа ҳәа.