Аԥсны

Узбекисҭан атәылауаҩ даанкылоуп анаркотикқәа рацәаны рыҭиразы

Иаанкылоу ауаҩы анаркотикқәа алаирҵәон амаӡа ҭыԥқәа рҿы ишьҭаҵаны. Ашьаус хацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Узбекисҭан атәылауаҩ Рамзидин Шамсиддинов даанкылоуп анаркотикқәа рацәаны рыҭиразы, абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Иара дангәарҭоз идырбалеит аметадон згәылаз 24 еилаҳәарак. Даҽа ф-еилаҳәарак рбеит Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду, адәыӷбаангыларҭа "Кьалашәыр" иахьаҵанакуа, иара убас егьырҭ аҭыԥқәа рҿы аҭыԥ маӡақәа рҟны.
Шамсиддинов имырхыз анаркотикқәа рзеиԥш капан 14 грамм еиҳауп. Ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп, иара даанкылоуп.