Зымҽхак 3,5 иҟаз адгьылҵысра азгәаҭан Амшын еиқәа Ҟрым аԥшаҳәаҿы

Адгьылҵысра ҟалеит 16:25 сааҭ рзы Амшын еиқәа аӡымҽхак аҟны 25 километр Алушта иазааигәаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Зымҽхак 3,5 иҟаз адгьылҵысра азгәаҭан Амшын еиқәаҿы Гурзуф – Алушта иахьаҵанакуа, адгьылҵысра ԥсыҽны ирнырит Ҟрым агаҿа, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Ҟрымтәи афедералтә университет (КФУ) иатәу асеисмологиеи агеодинамикеи р-Институт аиҳабы Иури Вольфман.

"Амшын еиқәаҿы Гурзуф - Алушта иахьаҵанакуа адгьылҵысра ҟалеит. Уи амчхара 3,5 иҟан, аҵаулара - 31 километр. Гурзуфи Алуштеи иԥсыҽны иуныруан", - иҳәеит Вольфман.

Арегион ахада иабжьгаҩ Олег Криучков иазгәеиҭеит Ҟрым иахьаҵанакуа адгьылҵысра уамак ирныруамызт, ахҟьаԥҟьа ма аилабгара ҳәа акгьы ҟамлеит ҳәа.