Зымҽхак 5,8 иҟоу адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла

Адгьылҵысра ахыҵхырҭа апровинциа Малатиа ақалақь Иешилиурт иҟоуп. Ақалақь аҿы инхоит 340 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Ақалақь ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит хыбрак шеилабгаз азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Зымҽхак 5,8 иҟоу адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла ҳәа аанацҳауеит Европа-Абжьарамшынтә сеисмологиатә центр (EMSC).
Адгьылҵысра азгәаҭан асааҭ 09:04 рзы UTC аамҭала(12:04 мск), ахыҵхырҭа ақалақь Шанлыурфа (449 нызқьҩык ауааԥсыра) 123 километра иацәыхароуп, ақалақь Малатиа (441 нызқьҩык ауааԥсыра) 16 километра инахыкуп.
Ҭырқәтәылатәи Малатиа иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, 69-ҩык ахәрақәа роуит.