АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Акоммуналтә маҵзурақәа Аҟәа, Аҳабла Ҿыц аҿы аҵлақәа рсанитартә хырффареи еималан иҟаз амҩақәа ррыцқьареи иалагеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аусбарҭа №5 аиҳабы Едуард Ҳашба иҳәон аҵлақәа атроллеибусқәа рныҟәара иаԥырхагахо иҟалахьан ҳәа.
"Атехника ҷыда ахархәара аҭан. Ааигәа иааҳхәаз агреидер амҩақәа ррыцқьараҿы акыр ихәарҭоуп. "Ветерок" инаркны актәи ахыкәшарҭаҟынӡа ӡырчроуп. Зегь ҳрыцқьеит. Анаҩс амҩа арҭбааразы ахаҳәсса ықәҳаԥсоит. Абарҭқәа рышьҭахь ашьаҟауаа рныҟәарҭагьы нап алаҳкуеит", - иҳәеит иара.
Ҳашба иҳәеит аусурақәа араион зегь шрыҵаркуа.
Уи адагьы азхьаԥшра рыҭан аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы еиҿкаау ауҭрақәа. Урҭ ауадаҩрақәа рыҵоуп – атехника ҷыда аҩнахьы изнеиуам, ахәаҷа-маҷа дырҿиоит ҳәа иҳәеит иара.
"Акырҵуеит ари аус ҳаҿуижьҭеи. Ауааԥсыра аҿагылара ҳарҭоит. Аибашьра ашьҭахь изышьцылоу ҟарҵоит. Дара иртәушәа рбоит арҭ адгьылқәа", - иҳәеит аҩнусбарҭа аиҳабы.