Аԥсны

Архип Лабахәуа иӡыршә маҷ аадыртит Аԥсны Абанк аҿаԥхьа

Аскульптура аԥҵаразы Архип Лабахәуа аԥсуа фольклори амузеи аҿы иҵәаху антикатә ԥараҿырпқәеи агәаҳәара ирҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа аԥара Амузеи аҿаԥхьа Архип Лабахәуа искульптура ҿыц аӡыршә – "Аҵанаа-аԥараӷьычцәа" аадыртит жәабран 28 рзы.
"Иарбан аамҭазаалак хәыда-ԥсада аӡыхьшәашәа зжәырц зҭаху рзы ахшыҩҵык зызцәырҵыз сара сакәӡам, Беслан Бараҭелиеи (Аԥсны Абанк ахантәаҩы - азгә.) Асҭамыр Ҭаниеи (Аԥсны Абанк амузеи адиректор - азгә.) роуп. Асеиԥш аиҿартәышьа анышьақәҳаргыла ашьҭахь, аҵанаа сыдыргалеит. Аиҿартәышьа –аԥҳал аԥҽыха аҟынтәи аԥараҿырп ахькаԥсо амузеи аҟны сылаԥш иҵашәеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит аскульптор.
Аскульптура иахәҭакхаз аԥараҿырпқәа Абанк амузеи аҟны иҵәаху аԥараҿырпқәа рҩызаҵәҟьа еиҳаны иҟаҵоуп ҳәа иҳәоит автор.
"Анагӡара уадаҩмызт, сызҿыз сус агәахәара ду снаҭон. Уаанӡа анумизматика аинтерес смоуцызт, уажә избоит агха шсыхьуаз", - иҳәеит Лабахәуа.
1 / 4

Аҟәа аԥара Амузеи аҿаԥхьа Архип Лабахәуа искульптура ҿыц аӡыршә – "Аҵанаа-аԥараӷьычцәа" аадыртит.

2 / 4

Аҟәа аԥара Амузеи аҿаԥхьа Архип Лабахәуа искульптура ҿыц аӡыршә – "Аҵанаа-аԥараӷьычцәа" аадыртит.

3 / 4

Аҟәа аԥара Амузеи аҿаԥхьа Архип Лабахәуа искульптура ҿыц аӡыршә – "Аҵанаа-аԥараӷьычцәа" аадыртит.

4 / 4

Аҟәа аԥара Амузеи аҿаԥхьа Архип Лабахәуа искульптура ҿыц аӡыршә – "Аҵанаа-аԥараӷьычцәа" аадыртит.

Архип Зураб-иԥа Лабахәуа - асахьаҭыхыҩ, аскульптор, адизаинер. Аҟәа аԥшаҳәаҿы иқәгылоу Фазиль Искандер ифырхацәа Чики Никеи рыскульптурақәеи, "Апингвин – философи" , "Аҵани", "Ҭаҷкәыми адауи", Корнеи Чуковски и-"Бибигон" дравторуп. Иара убасгьы Аԥсны Абанк аҿаԥхьа игылоу аӡыршә-маҷ инапкымҭоуп.
Ари атемала автор иакымкәа арҿиамҭақәа ҟаиҵахьеит. Иара иоуп изҟаҵамҭоу 2013 шықәсазы Аҵәахырҭатә банк аҿаԥхьа идыргылаз "Аҵани аԥараԥҟагеи", Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа игылоу аӡыршә маҷ.
Аԥсны
Бибигон Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы: Аҟәа Архип Лабахәуа искульптура ҿыц цәырҵит