Аԥсны

Аԥсны аминистрцәа реилазаара тауарқәак рзы аҳазатә хәԥҵәа ҿыцқәа аднакылеит

Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара амчра аиуеит ҩымз рынахыс.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара тауарқәак рзы аҳазатә хәԥҵәа ҿыцқәа аднакылеит.
Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, аҳазатә хәԥҵәа рыдкылан 2005 шықәсазы, уи азы ақәҵараҿ иалагалан абаџьқәа рхышәаҵышәа аиҭакра.
90% позициа рызԥҵәақәа шыҟац иаанхоит. Абаџь шьҭыхуп Урыстәылантә иалагалам агаз змоу аӡы, аминералтә ӡы, ауараш, аҩқәа, аҭыҭын аалыҵ, амаҭәа, ашьапымаҭәа.
Иара убасгьы ақыҭанхамҩа адгылара аҳәаақәа ирҭагӡаны абаџь анультә зԥҵәа ахархәара аҭахалоит.
Озган лажәақәа рыла 2022 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭра амҽхак 39,9 миллиард мааҭ артәеит: аимпорт - 32 миллиард инареиҳаны, аекспорт - 6 миллиардк инеиҳаны.
Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит атәыла алагалараан азин ҷыда зҭаххо атауарқәа реиқәыԥхьаӡа.