АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ахаша, хәажәкыра 1 азы аӡыржәтә аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа.
Аӡыржәтәда иаанхоит: Аҳабла ҿыц, Ажәытә аҳабла, авокзал иахьаҵанакуа, амҩадуқәа Ешба, Аланаа, Гочуа, Ваинахаа.