Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев Ҟәбани Адыгееи адронқәа рыла ржәылара аԥырҟәҟәаауп

Украинатәи адронқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит арадиоелектронтә ҿагылара арҟәшақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацәи Адыгееи Украинатәи адронқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит арадиоелектронтә ҿагылара арҟәшақәа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аимнистрра.
"Жәабран 28 рзы, уахынла, киевтәи арежим рҽазыршәеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Ҟәбани Адыгееи рҵакыраҿы аргыларақәа рыжәлара. Украинатәи адронқәа ржәылара аԥдырҟәҟәааит арадиоелектронтә ҿагылара арҟәшақәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа иазгәанаҭоит адронқәа иарбаз ахырхарҭа ишацәхҟьаз. Акы адәы иқәҳаит, егьи иззырхаз аграждантә хыбра ԥырхага анамҭеит ҳәа.