АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Амца зкыз аҵҩаа иамҽханакит Очамчыра араион х-қыҭак Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә ҳәа ааицҳаит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Иара иажәақәа рыла, амцакра ахы ахьыҵнахыз Аӡҩыбжьа ақыҭан идырцәахьеит, Мықәи Маркәылеи аиқәырхаҩцәа ргәыԥ аус руеит.
Амцакра ауаҩԥсы ихҟьеит ҳәа иҳәеит Ԥачулиа. Уажәы ибылхьоу аа-гектарк ыҟоуп, анхарҭа ҭыԥқәа рахь ашәарҭара ыҟаӡам.