Аԥсны аеҵәахә ҿыцқәа: амузыкатә концерт "Apsny-Star"

Апроект шықәсык аус аулоит, х-сезонк рыла еихшахоит. Аконцертқәа мызк ахь знык имҩаԥыслоит. Ахԥатәи асезон асуперфинал акәхоит, уа еиндаҭлоит актәи асезонқәа ҩба рҿы афинал ахь инеиз алахәцәа.
Sputnik
Амузыкатә проект "Apsny-Star” раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ аҩаша, жәабран 28 рзы. Асценаҿы иқәгылеит 25-ҩык алахәцәа. Дара инарыгӡаз ашәақәа рхала иалхны рҽазыҟарҵеит.
Арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Фаиа Мархолиаԥҳа ркомандақәа рахь иалырхит хәҩык-хәҩык алахәцәа. Ҩыџьа ма хҩык еицалырхыз алахәцәа рыуа ирҭахыз рахь инеиуан.
Саида Агрԥҳа лгәыԥ иалахәуп - Аслан Шьакаиа, Амина Џьарсалиаԥҳа, Миранда Мархолиаԥҳа, Самвел Миракиан.
Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ алахәылацәа - Елана Кәарҷиаԥҳа, Лола Ҟалӷьԥҳа, Асҭамыр Вартанов, Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумуҭиа.
Фаиа Мархолиаԥҳа - Алан Беслан-иԥа, Викториа Лабиаԥҳа, Нар Нанба, Софиа Миаукина.
Анри Лакашьиеи Шихан Сиргинавеи арҵаҩцәа аӡәгьы иалимхӡеит, аха аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны машәырлатәи аҵәҭаԥсарала Фаиа Мархолиаԥҳаи Саида Агрԥҳаи ргәыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны Акультура аминистрра адгыларала, аспонсор хада– амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – аинформациатә партниор.
Ашоу аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
1 / 16

"Apsny-Star" аартраан иқәгылеит агәыԥ "Анатрио".

2 / 16

Аицлабра алахәцәа ирыхәаԥшырц иааит рҩызцәа, рҭынхацәа, иара убас амузыка бзиа избо аӡәырҩы.

3 / 16

Иззыԥшымыз хҭысхеит арҵаҩцәа Ильда Кәычбериаԥҳаи, Саида Агрԥҳаи, Фаиа Мархолиаԥҳаи рықәгылара.

4 / 16

Алахәцәа рахьтә раԥхьа асценахь дцәырҵит Анри Шьакаиа, уи инаигӡеит Робби Уилиамс иашәа "I love my life". Иара алахәцәа зегьы дреиҳабуп, 32 шықәса ихыҵуеит.

5 / 16

Ахәаԥшцәа ақәгыларақәа ҭыхны асоциалтә ҳақәа рахь иҭарҵон.

6 / 16

Аконкурсантцәа раԥхьатәи аконцерт аан инарыгӡаз ашәақәа рхала иалхны рҽазыҟарҵеит.

7 / 16

Дара хықәкы хадас ирыман арҵаҩцәа рхы ргәарԥханы ркомандақәа ирыларҵартә аҟаҵара.

8 / 16

Иқәгылоз зегьы рыбжьы анаҩс, ҭеиҭԥшлагьы ахәаԥшцәа хырхуан.

9 / 16

Ахәаԥшцәа ракәзар, рҭыԥ иазкуамызт, игыланы ашәақәа ирыцкәашозгьы ыҟан.

10 / 16

Арҵаҩцәа иргәаԥхоз анагӡаҩцәа алыркаауан, ргәы дырӷәӷәон, рномер ҷыдала ахәшьара арҭон.

11 / 16

Ашәаҳәаҩцәа реиҳараҩык аҳәаанырцәтә шәаҳәаҩцәа рашәақәа нарыгӡон.

12 / 16

Урҭ рыбжьара иҟан еицырдыруаз реиԥш ааигәа ицәырҵыз акомпозициақәагьы.

13 / 16

Ашәаҳәаҩцәа рҟазара ахәшьара арҭалоит ажиури - акомпозитор Анри Гәымба, Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла асолист Алхас Ферзба. Аицлабра аиҿкааҩцәа рыӡбамҭала есконцерт ажиури аԥшьбатәи алахәылаҩ дрыԥсахлоит.

14 / 16

Аконкурсантка Софиа Миаукина иналыгӡеит ашәа "Останусь", лара далылхит арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа.

15 / 16

Фаиа Мархолиаԥҳа лаҳәшьа Миранда лакәзар, аиааира дазықәԥалоит арҵаҩы Саида Агрԥҳа лкомандаҿы.

16 / 16

Галынтә иааз ашәаҳәаҩ Иракли Џьумутиа ида аԥсышәала ашәа аӡәгьы инаимыгӡеит. Иара Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ ахь дцеит.