Аԥсны

Аҟәа араион аҿы арҽеира зҭаху ахыбрақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы

Аԥыза-министри Аҟәа араион иахаҭарнаку адепутатцәеи аремонт зҭаху еиҳа аҵакы змоу аобиектқәа ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аҟәа араион иахаҭарнакцәоу адепутатцәа – Фазлыбеи Аҩӡба, Левон Галустиан, Кан Кәарҷиа дырԥылеит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

"Аиԥылара азкын Аҟәа араион аҿы аремонти аиҭашьақәыргылареи зҭаху асоциал-економикатә хыбрақәа рсиа ашьақәырӷәӷәара азҵаара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Адепутатцәа аԥыза-министр иарҳәеит раԥхьа иргыланы аремонт зҭаху аобиектқәа рсиа шеиҭарҿыцтәу. Аиҳарак амҩақәа, аенергетикатәи ӡыла аиқәыршәаратәи инфраструктуреи, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәеи азхьаԥшра шырҭаху атәы рҳәеит.
Аԥсны
2022 шықәсазы 200 инареиҳаны хыбра рҽеиуп Аҟәа