Аԥсны

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Цхинвалҟа ицеит аусбарҭабжьаратә еиԥыларахь

Аусбарҭабжьаратә еиԥылараҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа ацәгьоура аҿагылара аметодқәа, аҳәынҭқаррақәа ршәарҭадара арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа ирылацәажәараны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аусбарҭа аделегациа Цхинвалҟа инеит аусбарҭабжьаратә еиԥыларахь ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
"Ҳҳәынҭқарра ҿыцқәа рҭоурых - ари аҭагылазаашьа уадаҩқәа раан аицхыраара ауп. Ҳара еицаҳзеиԥшу усуп ареспубликақәа рзы ихәарҭоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара", - иҳәеит Вальтер Быҭәба, иколлега Валери Газзаев аԥсшәа иаҳәо.
Валери Газзаев аиԥылараҟны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирҿагыланы агрессиа амҩаԥгара ианалагаз 1990-тәи ашықәсқәа инаркны ахы шакыз аҳәынҭқаррақәа реицхыраара, иара убас Вальтер Быҭәба ианеишьеит “Аибашьратә еиҩызара арӷәӷәаразы” амедал.
Аусбарҭабжьаратә усеицуразы аиԥылара мҩаԥгахоит хәажәкыра 1 азы. Аганқәа рԥышәа еимырдоит, ирылацәажәараны иҟоуп ацәгьоура аҿагылара аметодқәа, аҳәынҭқаррақәа ршәарҭадара арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа.
Аԥсны
Нодар Аҩӡба далахәын Аахыҵ Уаԥстәыла атәылахьчара аминистрра аиубилеи