Аԥсны

Аԥсуа делегациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рзеиԥш центр иаҭааит

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Цхинвал инеит жәабран 28 рзы аусбарҭабжьаратә еиԥыларақәа рымҩаԥгаразы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи Рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу ринформациа-координациатә центр ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ацентр аҭахуп урыстәылатәии аахыҵуаԥстәылатәии зинхьчаҩцәа Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуа ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәааразы аусеицура аиҿкааразы.
Аԥсуа делегациа ацентр аусушьа гәарҭеит, акриминалисттә лабораториа атехникатә лшарақәа ҭырҵааит.
Делегация МВД Республики Абхазия посетила СИКЦ и национальный музей РЮО
Иара убас дара аҭааит Аахыҵ Уаԥстәыла Амилаҭтә музеии ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭеи, уа дара Алан Елбакиев идикылеит.