Арадио

Ҷкадуаԥҳа ашәарҭадаратә маҟа амӷаҵаразы: доусы ихала далагар, егьырҭгьы имардоит

"Ашәарҭадара амаҟа умӷаҵа. Аҩны иаҳзыԥшуп!" ҳәа акциа мҩаԥысит Очамчыра ақалақь аҿы. Уи аҿкааҩцәа ируаӡәку Лана Ҷкадуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амашьынарныҟәцаҩцәа уи ишақәҿырҭыз, насгьы ашәарҭадаратә маҟа амӷаҵаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Акциа иалагӡаны 1000 инареиҳаны адырҷаблагақәа ҳшеит, убри аан зегьы ирҳәоз ак акәын - амаҟа зегьы еицеиԥшны рхы иадырҳәалар, даргьы шадгыло ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ҷкадуаԥҳа.
"Ԥыҭҩык амаҟа рыман. Иҟан ауаа ақәырҷабгақәа заҳҭаз, змашьынақәа рҿы дырга ҳасабала иазҭаз. Иҟан амашьынарныҟәцаҩцәа зегьы еицырзеиԥшу азакәан ҟалозар, ҳаргьы уи ҳацныҟәалоит зҳәоз. Аха иҟан ҳара иаҳцәымӷуп, иаҳҭахӡам ҳәа ҳазҳәозгьы. Абраҟа доусы еиликаауазароуп зегьы раԥхьа иргыланы иара хаҭала ишәарҭадаразы ишхәарҭоу амаҟа. Убри ауаа рхаҟынӡа инагатәуп ас еиԥш акциақәа рыбзоурала. Иаҳҭахуп анаҩс егьырҭ араионқәа рҟынтә аҿар акциа ҳамардарц", – ҳәа еиҭалҳәеит Ҷкадуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.