Путин аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла АСБ Аиқәшаҳаҭра шааннакыло азы

Уаанӡа Урыстәыла Аҳәынҭдумеи Афедерациатә Хеилаки рдепутатцәа Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра аамҭала ишааннакыло азы рыбжьы рҭихьан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәылеи ЕАА рыбжьара Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра аамҭала ишааннакыло азы. Азакәан кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.

Адокумент инақәыршәаны, аиқәшаҳаҭра аусура аиҭахацыркразы аӡбара идикылоит Урыстәыла ахада. Азакәан амчра аиуеит ианыркьыԥхь аҽны инаркны.

Уаанӡа Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра (ДСНВ) алахәылара аанкылара аӡбамҭа зыхҟьаз ЕАА рганахьала иҟоу аультиматум шакәу. Иазгәеиҭеит ари азҵаара иалацәажәаанӡа ахәшьара шаҭатәу ЕАА ракәымкәан, Франциеи Бриҭаниа дуи злоу НАТО аиадертә стратегиатә лшарақәас иамоу.
Урыстәылеи Америкеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥган 2010 шықәсазы. Иара иазгәанаҭоит 2018 шықәса жәабранмзазы астратегиатә иадертә бџьар амазаара аицыркьаҿра, ԥхьаҟа атәылақәа рыҩбагьы еицрымоу аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетақәа 700 иреиҳамзарц, аӡаҵаҟатә ӷбақәеи абомбакажьга ҳаирпланқәеи иныҟәырго абаллистикатә ракетақәагьы уи ахыԥхьаӡара еиҳамзарц, аҭырҟьаратә шьақәгылақәа ракәзар - 800 иреиҳамзарц, ахгәыцәқәа 1550 иреиҳамзарц.
Урыстәыла иарбоу арыцхә азы ахыдҵақәа шынанагӡаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Убри аан ЕАА хықәкыла абри аус аганахьала ахыдҵақәа нанагӡаӡом.