Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа украинатәи адронқәа рыла Ҟрым ажәлара аԥдырҟәҟәааит

Уи аԥхьа Краснодартәи атәылаҿацәи Адыгееи Украинатәи адронқәа ржәылара аԥырҟәҟәаан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа украинатәи адронқәа рыла Ҟрым ажәлара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба ршьаҟьеит, русура еиԥырҟьан арадиоелектронтә ҿагыларала. Адгьыл аҟны аԥсҭбареи аилаԥыххаарақәеи алыршамхеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәылатәи аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 97, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 173 раион рыҟны.
Урыстәылатәи авиациа ДЖәР украинатәи аҳаирплан Су-24 канажьит, Аҳауаҿагыларатә мчқәа - аԥырҩы дызҭам 15 хархәагага.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы Харьковтәи аобласт аҟны Дверечнаиа, Синьковка аилынхарҭақәа рҟны аӷацәа ҭархоуп, УАМ ажәылара-аԥшыхәратә гәыԥқәа хԥа шьаҟьоуп. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 90-ҩык украинатәи аибашьцәа, апикапқәа хԥа, агаубица Д-30.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 150-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа шьуп, иҭархоуп аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа "Мста-Б" , Д-30. Донецктәи ахырхарҭаҿы - 190-ҩык украинатәи аруаа ҭархоуп, аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩба, амашьынақәа 16, агаубицақәа Д-20, Д-30, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев Ҟәбани Адыгееи адронқәа рыла ржәылара аԥырҟәҟәаауп
Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы 80-ҩык инареиҳаны аӷа ацәыӡқәа имоуп, танкк, аибашьыгатә кәылӡымашьынақәа ԥшьба, агаубица Д-30 ҭархоуп. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 85-ҩык инреиҳаны украинатәи аруаа. танкк, аибашьыгатә машьынақәа хԥа, амашьынақәа 12, ахаланыҟәатә гаубицақәа "Акациа".