App Store аҟынтә ацҵа "Тинькофф" ыӡит

Уаанӡа "Тинькофф банк" ЕАА ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аус рыцыруыр ҟамло асанкциақәа ирыҵаркны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. App Store аҟынтә ацҵа "Тинькофф" ыӡит. Убри аан Google Play аҿы иҟоуп иҳәоит РИА Новости акорреспондент.

iOS ахархәаҩцәа рзы иԥкхеит аоператор "Тинькофф Мобайл" иатәыз аброкер "Тинькофф инвестиции", егьырҭ ацҵақәаки.

Абанк аҿы ишырҳәаз ала абанктә цҵақәа, асаит "Тинькофф" ахаҭалатә кабинетқәа аус шыруыц ируеит.
Ахархәаҩцәа аԥараиагара, аԥхьаӡамҭа ахарҭәаара уҳәа егьырҭ аоперациақәа мҩаԥыргоит уаанӡеиԥш.
Ацҵақәа иофициалтәым ахыҵхырҭақәа рҟынтәи ахрархәара шәабжьгам.