Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсни Белоруссиеи русеицура ахырхарҭақәа дрылацәажәеит

Жәабранмза анҵәамҭаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәарақәа рзы Белоруссиа дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2- Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсни Белоруссиеи русеицура ахырхарҭақәа дрылацәажәеит.
Аԥсни Белоруссиеи русеицура аҿиара аинтерес ҳзаҵоуп.
Аусеицуразы ихырхарҭа хаданы иҟоуп:
IT-технологиақәа — Минск иҟоу атехнологиа ҳаракқәа Рпарк, атщыла ахада иажәақәа рыла абри аусхк азы иҿырԥшыгоуп.
2024 шықәса мшаԥымзазы Кындыӷ ақыҭаҿы иалагараны иҟоуп асанатор-курорттә хыбра аргылара. Уа аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы иаԥҵахоит 250 инареиҳаны усутә ҭыԥқәа. 80% рҟынӡа аусуцәа аҭыԥантәи ауаа ракәхоит.
Иара убасгьы Аԥсны аинтерес аанарԥшуеит ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аусеицуразы.