Аԥсны

Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа аԥҵоуп

Ассоциациа ареабилитологцәа реиԥш иалахәуп ареабилитациа аусхк иадҳәалоу егьырҭ аҟазауаагьы – алогопедцәа, апсихологцәа, арҵаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа аԥҵоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Ассоциациа ахада Асмаҭ Џьынџьалԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, асеиԥш аидгыла аԥҵара ахшыҩҵак цәырҵижьҭеи акырҵуан. Ари аҭыԥ аҭахуп рколлегацәеи, аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи, зеизҳашьа уашәшәыроу ахәҷқәа рҭаацәеи алархәны ауадаҩрақәа рылацәажәаразы.

Ассоциациа ареабилитологцәа реиԥш иалахәуп ареабилитациа аусхк иадҳәалоу егьырҭ аҟазауаагьы – алогопедцәа, апсихологцәа, арҵаҩцәа.
Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны ауадаҩрақәа змоу рацәаҩуп, аиҳаракгьы араионқәа рҿы, иҷыдоу ацентрқәа рҿы аусзуҩцәа рыштатқәа ахьеиҿкаам иахҟьаны.
"Аҿар ари аус иадԥхьалалатәуп, ираҳәалатәуп иамоу аҵакы. Убри азы Ассоциациа – аинформациа ахьуоуша аҭыԥ арольгьы нанагӡоит", - лҳәеит лара.
Аԥсны
Аныҟәара уанеиԥхыӡуа: "Ашана" Анри Аргәын изы аԥареизгара хацнаркит
Ассоциациа аартра рыдиныҳәалеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Шәара ачымазцәа ӷәӷәақәа ршьапы иқәшәыргылоит, аԥсҭазаара иалашәырхәуеит. Ҳара еицаҳзеиԥшу усуп адгылара шәыҭара. Аминистрра еснагь шәыцхраара иазыхиоуп", - иҳәеит иара.
В Абхазии создали Ассоциацию реабилитологов
Мшаԥымза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоуп ареабилитологиаз аконференциа Сеченов ихьӡ зху ауниверситет аҳақьымцәа алархәны. Урҭ аҭыԥантәиқәа рзы алекциақәа ирыԥхьоит, аҟазаратә-классқәа мҩаԥыргоит.