Аԥсны

Аԥснынтә шә-тоннак рҟынӡа амимоза алыргахьеит асезон иалагазар

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа мацара атәыла иалыргеит 26 тонна амимоза.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Асезон иалагазар Аԥснынтә шә-тоннак рҟынӡа амимоза Урыстәылаҟа ииаргахьеит ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь иатәу Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Жәабранмзазы закәаншьаҭада амимоза аҳәаа ахыгаразы ихацыркын административтә зинеилагараз 18 ус.

"Амимоза ашәҭқәа ҟәымшәышәуп, уи азы ашәҭқәа рымҩангаразы аҳауаԥхарра лаҟәны иҭарҳәҳәоит. Амимоза зегь раԥхьа иргыланы аҳазатә гәаҭара иахрыжьуеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

2022 шықәсазы аҳәаа иахыган 150 тонна амимоза, уажәтәи асезон азгьы ари аҩаӡара иазԥшуп.