АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Аԥсны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аԥаразоужьра алшом, уи азоуп изыуадаҩу ахарџьқәа зегьы зхахьы изгаша аинвестор иԥшаара, убри аан ахыбра аҳәынҭқарра иазынхо ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Урыстәыла асеиԥш иҟоу ахыбрақәа аҳәынҭқарреи абизнеси еицыртәуп. Убри аан аҳәынҭқарра ахахьы иагоит 75% ахарџьқәа иҳәеит ахада.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы апроект мшаԥымза нҵәаанӡа аҳәынҭқарратә усҭҵаара иахысроуп.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгараз ауснагӡатәқәа нап ддыркит 2018 шықәсазы апроект-сметатә документациа азырхиаразы аинвестор дадыԥхьалан. Абаӷәаза аиҭашьақәыргылара ашьҭахь уахыки-ҽнаки рыла имҩанырго иҟалоит хнызқьҩык инадыркны хәнызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.