Аԥсны

Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа раларҵәаразы иус рыӡбеит

Урыстәыла атәылауаҩ Александр Медведев заанаҵтәи аусҭҵаара амҩаԥгараан иҿы иқәшаҳаҭхеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ Александр Медведев 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ахгареи 600 000 мааҭ ахараԥсеи иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Иара хараны идҵан анаркотик – мефедрон, зыкапан 259,371 грамм иҟаз аларҵәараз иман ҳәа.