Аԥсны

Урыстәылантәи Аԥсны афымцамч аиулоит хәажәкырамза нҵәаанӡа

2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны хәажәкыра 31 рҟынӡа Урыстәылантә Аԥсныҟа 600 миллион кВт•с.аашьҭхоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсны афымцамч аиулоит хәажәкырамза нҵәаанӡа иҳәеит апресс-конференциаҟны атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Иара иажәақәа рыла, ари алыршахеит Москва иҟазаараан.
Бжьаниа иҳәеит аусхк аҿиаразы аамҭа-аамҭала ахәԥсахҵәахақәа шышьҭыхлатәу.
Аԥсны аҭаҩратә хархәагақәа раахәаразы акредит иазԥшуп. Ахархәагақәа афымцамч ахәԥса аизгараз хра рылоуп.

"Аенергетикагьы аалыҵуп. Аалыҵқәа зегьы риеԥш ахә ахшәаалатәуп", - иҳәеит атәыла ахада.

Атәыла ахада игәаанагарала, аенергетика аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ӡбахоит 3-4 шықәса рыҩнуҵҟала.
Аԥсны
Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистрра аԥҵахоит