Аԥсны

2022 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭратә еикәыршара 40 миллиард мааҭ артәеит

Аԥсны Аҳазалхартә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иазгәеиҭеит ауснагӡатә рбагақәа аизҳара шроуз 2022 шықәсазы. Уи алдыршеит аҳазатә хылаԥшра арӷәӷәареи аҳазатә усбараҭқәа рҿы аиҭакрақәеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. 2022 шықәсазы Аԥсны аддәныҟа ахәаахәҭратә еикәыршара 39,9 миллиард мааҭ артәеит. Уи 2021 шықәса иаҿурԥшуазар 11,2% рыла еиҳауп. 2022 шықәсазтәи аус нагӡоуп 117% рыла ҳәа иҳәеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
2022 шықәсазы аекспорт 6 миллиардки 963 миллион мааҭ итәеит. Уи 2021 шықәса иаҿырԥшны 903 миллион мааҭ ма 14,9% иҟоуп.
2022 шықәсазы аимпорт 32 миллиарди 968 миллион мааҭ итәеит. Уи 2021 шықәса иаҿырԥшны 3 миллиардки 104 миллион мааҭ ма 10,4% ыҟоуп.
Лабахәуа хазы далацәажәеит Аԥсныҟа аидара аагара ахәҭаа.
Ҳазнысыз ашықәс азы автотранспорт ала Аԥсныҟа иаагоуп 29 миллиарди 669 миллион мааҭ рыхә атауар, аихамҩатранспорт ала - 5 миллиардки 617 миллион мааҭ рыхә, амшынтранспорт ала - 4 миллиардки 645 миллион мааҭ рыхә.
Аԥсны
2022 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара рекордтәхеит