Аԥсны

2022 шықәсазы Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара атауариекәыршара 142% ихалеит

2022 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 39,9 миллиард мааҭ итәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. 2022 шықәсазы Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара атауариекәыршара 142% ма 2 миллиардки 671,2 миллион мааҭ ихалеит 2021 шықәса иаҿырԥшны. Ари ишьақәнартәеит 4 миллиардки 544,6 миллион мааҭ.

Азеиԥш адәныҟахәаахәҭараҿ Ҭырқәтәыла 11% еизҳаит.

Аекспорт иартәеит миллиардки 597 миллион мааҭ, ари миллиардки 141,7 миллион рыла еиҳауп 2021 шықәсазы аасҭа.
Аимпорт иартәеит 2 миллиардки 946,7 миллион мааҭ, ари миллиардки 529,5 миллион рыла еиҳауп 2021 шықәсазы аасҭа.
Аԥсны
2022 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара рекордтәхеит